Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Дмитри Медведев Аслан Бжьаниа Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

09.05.2023

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев  Аслан Бжьаниа Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу аныҳәа ԥшьа - Аиааира Ду 78 ш. ахыҵра амш!
Аҵак ду змоу ари амш азы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афронтқәа рыҟны гәымшәарыла еибашьуаз рфырхаҵара, рыгәаӷьра, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы атәыла еиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы.

Агәра згоит, иаҳхысхьоу еицаҳзеиԥшыз аамҭа аԥхьаҟагьы уасхырс иазыҟалап ҳәа урыстәыла—ԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара, аиҩызареи аусеицзуреи рхықәкы шьаҭас иҟаҵаны.

Аҳәара ҟасҵоит, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, Аԥсны иқәынхо Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, атыл аҟны аџьабаа збоз зегьы иҭабуп ҳәа сызрашәҳәарц, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьашәшьарц».

  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org