09.05.2023
Аслан Бжьаниа Денис Пушилин Аиааира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа!
Хаҭала сара сыхьӡала, Аԥсны жәлар рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааира амш!
78 шықәса раԥхьа асоветтә ар анемец нацизм ԥыххаа иқәнаҵеит. Иахьагьы афашизм, анацисттә идеологиа, аурысфобиа ахьыҟам аҭынч ԥсҭазаара ҳазықәԥоит.
Иахьа миллионҩыла ауаа ҳаамҭазтәи аурысфобиа аҵыхәтәа ԥҵәаны Аиааира амш азгәаҭара иазыԥшуп.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Донецктәи Жәлар р-Республика иқәынхо ауааԥсыра афырхаҵареи агәымшәареи аарԥшуа, рыдгьыл анацизм ацәыхьчаразы игылеит. Гәык-ԥсык ала агәра ҳгоит аӷа хәымга дыԥхьацаны, имариам ари аибашьраҟны аиааира шаҳго. Абзиа, аиаша есқьынгьы аиааира агоит!
Денис Владимир-иԥа, ишәыдысныҳәалоит Аиааира Амш! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, аҭынч ԥсҭазаара, ахирра!».