Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Михаил Шургалин Аиааира амш идиныҳәалеит

09.05.2023

   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Михаил Шургалин Аиааира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш!

Анемец фашизм ԥыххаа иқәызҵаз асоветтә фырхацәа наунагӡа хьӡи-ԥшеи згым ҳ-Аԥсадгьыл аҭоурых ианылеит.
Аԥсны иқәынхоз ажәлар рхыԥхьаӡара шмаҷызгьы, 55 нызқьҩык асолдаҭцәа аибашьра иалахәын. Ихнымҳәыз маҷымкәа ишыҟоугьы, иахьагьы ара ҳаҭырла иргәалашәоит урҭ рфырхаҵарақәа ртәы.
Ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа рфырхаҵара агәалашәара ҳажәларқәа еиднакылоит аидгыларатә еизыҟазаашьақәа шьаҭас иаҭаны.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа Аԥсны имҩаԥыжәго адипломатиатә миссиаҟны.».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org