08.05.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаҧигеит Очамчыра араион Администрациаҟны.
Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан араион асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Араион ахада Беслан Бигәаа аусурақәа рцашьа иазкны аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иҟаиҵаз адыррала, Очамчыра араион Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020-2022 ш.ш.рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара афинанстә лимит иартәеит 376 383 нызқь мааҭ, иазоужьуп 322 954 нызқь мааҭ, иахаршәалоуп -16 нызқь мааҭ, 2022 ш. алимит аҟынтә ахархәара алыршамхеит - 53 411 нызқь мааҭ.
Беслан Бигәаа адырра ҟаиҵеит аусмҩаҧгатәқәа фба шынагӡоу азы: Тамшь ақыҭан аишьцәа Занҭариаа рыхьӡ зху амҩаҟны акаҭранбетонн ақәырҭәага мыруга; аихшарҭатә цәаҳәақәа шьаҭанкылатәи рырҽеира; Звольтҳараку 220 кв. "Аҽгәара" арҽеиратә усуразы амыругеи амаҭәахәқәеи раахәара; Ҧсоуи Егрыи рыбжьара Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра иаҵанакуа аҭыҧ (актәи аетап) фымцалашарала аиқәыршәара; Мықә ақыҭан акаҭранбетон ақәырҭәаразы амыруга.
Иара убас, афинанс азоужьын Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә ргыламҭа аргылара.
Беслан Бигәаа иҟаиҵаз адыррала, ареспубликатә биуџьет абзоурала 2021 ш. Ӷәада ақыҭан ацҳаҟны шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура мҩаԥган, Аҭара ақыҭа анхацәа ӡыла реиқәыршәаразы аӡыҵыҵырҭа аҟаҵаразы адгьыл кылырҵәеит, Гәыҧи Маркәылеи ақыҭақәа рыҟны астадион хәыҷқәа ргылан, аӡыҵыҵырҭа аҟаҵаразы адгьыл кылырҵәеит Маркәыла ақыҭан, Кәтол ақыҭа Ҭоумышь аҳаблан, Аӡҩыбжьа ақыҭан, Афымцамҩангага цәақәаҳәақәа -0,4 кв еиҭашьақәыргылан Гәыҧ ақыҭан, Ҷлоу ақыҭан аӡымҩангага еиҭашьақәыргылан ирҽеины.
2022 ш. Ареспубликатә биуџьет аҟынтә афинасзоужьа мҩаԥган Гәыҧ ақ. афымцеиқәыршәареи, Ҷлоу ақ. Б. Шьынқәба иҩны-амузеи, Аӡҩыбжьа ақыҭаҟнн ӡыла реиқәыршәаразы адгьылқәа ркылҵәареи, Очамчыра араион аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьаҭанкыла рырҽеиреи, Очамчыра араион афельдшер-акушертә пункт арҽеиреи рус.
Аизараҟны ирзааҭгылан афымцамчы, ашәахтәқәа реизгара, акриминогентә ҭагылазаашьа уҳәа ирызкыз азҵаатәқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.