08.05.2023
Иахьа 82 ш.ҵит диижьҭеи Иури Николаи-иҧа Воронов - Аҧсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аҭҵаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы, археолог, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат, Аҧсны Аиҳабыра Аҧыза-министр.
Иури Воронов ажәытәӡатәи аамҭа инаркны Аҧсны аҭоурых иазку актуалра злоу аҭҵаарадырратә монографиақәа жәпакы дравторуп. Иури Воронов иҭҵаарадырратә усумҭақәа Аҧсны иазку акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Аҵарауаҩ ду Иури Воронов активла Аҧсны ауаажәларратә ҧсҭазаара далахәын.
Иури Воронов активла даҿагылан ақырҭуа милаҭтә ҵысра, Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахьгьы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс даныҟаз, имч-илша зегьы Аҧсны аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара иазикит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Иури Воронов аҭҵаарадырреи аполитикеи русхк аҟны имаз аимадарақәа зегьы ихы иаирхәеит Аҧсны апозициа адунеи зегьы аларҵәаразы.
Зымҽхак дууз аполитик иаҳасбала Иури Воронов аибашьра ашьҭахьтәи Аҧсны аиҭашьақәыргылара активла далахәын, ганрацәала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аимадара ашьақәыргылара дацхраауа.
Аҧсны Аиҳабыра Аҧыза-министрс имаҵзураҟны Иури Воронов асоциалтә, аҵараиуратә, ауаажәларратә ҵакы змаз аазҵаарақәа рыӡбара инапы алакын.
Иури Воронов иҭахара Аҧсны Аҳәынҭқарразы иааха ӷәӷәахеит, иахьа уажәраанӡагьы Аҧсны жәлар зегьы трагедиак аҳасабала ирыдыркылоит.
Хашҭра иқәым Аҧсны иналукааша атәылауаҩ, апатриот!