04.05.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжания ателеканал Урыстәыла 24.аинтервиу аиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аминералтә ӡқәа рыҟны имҩаҧысуа Актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәуп.
"Аҧсынтәыла Кавказ иузаҟәымҭхо хәҭаны иалоуп. Иахьа ҳара иаҳбарҭоуп Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ иалоу Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа аҿиара ишаҿу. Ганкахьала, ҳарҭ аҭагылазаашьа ҳамоуп ҧышәак адкыларазы, даҽа ганкахьала, ҳара ҳхатәы инвестициатә проектқәа рыдгалара ҳалшоит. Ацәыргақәҵа аформат алшара ҳнаҭоит агәаанагарақәа, аинформациақәа реимдаразы, инвестициақәа радыҧхьаларазы аусеицура амҩаҧгаразы",- иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, Аҧсны зынагӡара алшо апроект дуқәа аусура иалагахьеит - урҭ рынагӡара урыстәылатәи аинвесторцәа рыцхыраарала имҩаԥысуеит. «Ҳара иаҳҳәарц ҳалшоит, еицаҳзеиҧшу аҧҟарақәа аус ахьыруа иаку аекономикатә наӡааӡара ҳамоуп ҳәа. Убри ауп иахьа ҳделегациа ара изыҟоу, насгьы иазгәасҭарц сҭахуп аусмҩаҧгатә иамоу аҵак ду», - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада атранспорттә усхк аҟны аинвестициатә проект анагӡара атәы далацәажәеит.
"Ҳазҭагылоу аамҭазы аус адулара ҳаҿуп авиациатә еимадара аиҭашьақәыргылара иазку апроект, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара иазку апроект.
Иара убас уажәааигәа апрезентациа ҟаҵан Аԥсны агазркра асхьема, ҳгәыӷуеит ари аԥшьгара анагӡарахьы ҳаиасуеит ҳәа лассы», - иҳәеит Ахада.
Абри инаваргыланы, А.Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо атуризм аусхк аҟны апроект дуқәа азгәаҭаны иҟоуп.
"Зыӡбахә ҳамоу зымҽхак дуу аргыларатә усурақәа, акомплексқәа, атуристтә кластерқәа роуп. Ари аганахьала аус еицаҳур ҳалшоит", - иҳәеит Аԥсны Ахада.