03.05.2023
Имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра актәи Аҧыза-министр Алеқсандр Новаки реиԥылара.
Арҭ амшқәа рзы аҳәынҭқарра Ахада усуратә ныҟәарала Урыстәылатәи Афедерациаҟны дыҟоуп, актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәуп.
Аиҧылараан иалацәажәеит ареспублика афымцамчтә комплекс аҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара, иара убас актуалра змоу аҧсуа-аурыс усеицзура иазку азҵаатәқәа маҷымкәа.
Аиҧылара иалахәын Аҧыза министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономика аминистр Мақсим Решетников.