Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәхоит

02.05.2023

Аԥсны Ахада Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәхоит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа лаҵарамза 2-4 рзы Аминералтә ӡқәа рыҟны раԥхьаӡақәны имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәхоит.
Иахьа аԥснытәи аделегациа Урыстәылатәи Афедерациа – Ставропольтәи атәылаҿацә ашҟа ицеит.

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь
    Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада афедералтә усбарҭақәа рнапхгареи Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ иалоу асубиектқәа рхадацәеи, акорпорациа дуқәа рнапхгаҩцәеи дырԥылараны дыҟоуп.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org