24.04.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш.
108 ш. рнаҩс, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ихамшҭыхәны иҟалаз арыцхә, харада индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит.
Милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы.
Аҧсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ирыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиҧш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аҧсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит.
Аҧсни уи анҭыҵи инхо аерман жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа, агәабзиара».