Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ақьырсианцәа Мшаԥныҳәа Лаша рыдиныҳәалеит

16.04.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ақьырсианцәа Мшаԥныҳәа Лаша рыдиныҳәалеит

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго Аԥсны ауааԥсыра зегьы, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Мшаԥ ныҳәа ду!
Ашәышықәсақәа раахыс адунеи зегьы аҟнеиԥш, аԥсуа дгьыл иқәыҩуеит аԥеиԥш лаша иазҳәоу, аԥсҭазаара бзиазы агәыӷра ҳазҭо Иаса Қьырса Игылара иазку Агәырӷьаҿҳәаша.

Иԥшьоу ари аныҳәазы ҳара ҷыдала ауаҩра, аламыс, арыцҳаибашьара, аҳаҭыреиқәҵара реиԥш иҟоу ҳҵас бзиақәа ҳаидыркылоит, ҳаԥсадгьыл ахь иҳамоу абзиабара аҵакы ҳаизааигәанатәуеит. Аԥеиԥш бзиа агәрагарала ҳара аҭаацәарақәа аԥаҳҵоит, аџьа ҳбоит, ҳахшара ҳааӡоит, зегьы ҳаидгыланы Аԥсны аиҭеиразы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит.

Абри амш азы дарбанзаалак еиҳа аихӡыӡаара, аҳаҭыреиқәҵара, абзиабара ааирԥшуеит изааигәоу ауаа рышҟа, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа еиҳа хшыҩзышьҭра аиҭоит.

Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит Иԥшьоу  Мшаԥныҳәа алҧхеи иацу ацқьареи. Ҳаиҳа зымчу илаҧш рхызааит Аԥсни аԥсуа жәлари!
Қьырса дгылт!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org