07.04.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақыҭаҟны ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәымгара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Ацәгьоуцәа аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лыхнашҭа иаҵанакуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасимволны иҟоуп.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араионтә милициа аиҳабы Зосма Гыцба. Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рышьақәыргыларазы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рзы. Ахада ари ацәгьоура хымԥада иаарттәуп ҳәа азиҳәеит.
Аекологиазы Аҳәынҭеилакы Ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбари Ахада иарҳәеит аҵла аиқәырхаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы.
Лыхнашҭа Ахада ицны инеит атәыла анапхгара: Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Администрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.