06.04.2023
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иира амш аҽны ҭелла дидныҳәалеит. Уи изеиӷьеишьеит агәабзиара, ахирра, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рыҿиареи рырӷәӷәареи алыршахоит ҳәа игәы ишаанаго иҳәеит.
Аслан Бжьаниа Рустам Минниханов иҭабуп ҳәа еиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы. Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада агәра ииргеит Аԥсны ареспубликақәа рыбжьара иҟоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ахә ҳаракны ишыршьо, аԥхьаҟагьы ганрацәала арҿиара ишазхиоу.