Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Николаи Патрушев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

06.04.2023

Николаи Патрушев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
  
    Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!  Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. Сара агәра згоит арегионтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызкны ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи аусеицура аҿиара аурыси аԥсуа жәлари риашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара ишацхраауа.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара иазку шәусураҟны аихьӡарақәа, анасыԥ, ахирра ҭаацәаныла»


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org