Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит

06.04.2023

Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ   Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.

  Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә – 60-шықәсашәхыҵратә аиубилеи.

Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәиубилеи шәаԥылоит шәҭәымҭа шәанҭагылоу, агәамч аншәымоу аамҭазы. Аҭакԥхықәра зцу шәусура апроессионализм ду, аҟәыӷара, хамеигӡарада Аԥсадгьыли аԥсуа жәлар рымаҵ аура ирҿырԥшыга бзианы иҟоуп.

Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҟны аихьӡарақәа, анасыԥ».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org