Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Валентина Матвиенко Аслан Бжьаниа ииубилеи идылныҳәалеит

06.04.2023

Валентина Матвиенко Аслан Бжьаниа ииубилеи идылныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык алак ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак зегьы еицҿакны иадгылоит Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызаратәи аконструктивтәи диалог арҭбаара иазкны имҩаԥыжәго шәусура иамоу ахырхарҭа.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҳҭоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы аҵак ду змоу  апарламентбжьаратә диалог аҿиара. Сара агәра згоит иахьа имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Урыстәылеи Аԥсни шеидгыло, ҳтәылақәа рыжәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еимадарақәа есааира рыҽшдырҭбаало, рыҽшдырӷәӷәало.
  
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала имҩаԥыжәго аусураҟны аихьӡарақәа.
Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо агәра шәсыргар сҭахуп».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org