Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит

04.04.2023

Ахада есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит

--Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит Ахада Иадминистрациеи Аиҳабыреи рнапхгара Реилазаара ахаҭарнакцәеи алархәны.

Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аизара иалахәыз адырра рылҭеит афымцамч ахархәара агәаҭаразы амыруга аахәара инамаданы аинфоструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы. Аҳәынҭқарра Ахада ари аусура арласразы адҵа ҟаиҵеит.

Аизара иалахәыз иара убас  иалацәажәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу  аҭагылазаашьа зеиҧшроу, ҷыдала, звольт ҳараку ацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаҧгоу аусурақәа ртәы. Ҭыҧқәак рыҟны аҵла ҳаракқәа иахьрызҳауа иахҟьаны, авольт ҳаракқәа ашәарҭара рыцуп аҵла ахыцәқәа иахьырзааигәахаз азы. Ахада  ацәаҳәамҩангагақәа ахьынӡацо ирҧырхагахо аԥыхразы адҵа риҭеит. Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура рнапы ианиҵеит ари аус анагӡараҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
Иара убас иалацәажәеит «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы" азакәанапроект.  Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы  Ашәба Лаша иҳәеит адепутатцәа Аминистрцәа реилазаара аофициалтә саит аҟны икьыҧхьу азакәанапроект шырдыруа. Убри аан, ҳазҭагылоу аамҭазы азакәанапроект Аҧсны Жәлар Реизара ашҟа имнеиӡац.

Аилацәажәараҟны иазааҭгылан амшхәаҧштә аҟны иарбаз егьырҭ азҵаарақәа жәпакы, урҭ  рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи аилахәырақәа Аҧсны иахьаҵанакуа ринвестициатә усурақәа ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азҵаарақәа, иара убас В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org