24.03.2023
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟабарда-Балкариатәи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа" ахантәаҩы Тимур Шарданови Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рыҭҵаара ацентр «Абаза» анапхгаҩы Владимир Пшинокови реиԥылара.
Асасцәа Аслан Бжьаниа ҳамҭас ирҭеит Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ахада Казбек Коков ихьӡала – ҷыдала Аԥсны Ахада изы инапылаҟаҵароу акубок. Аслан Бжьаниа ҳаҭырла аҳамҭа иҭабуп ахҳәааны, иҳәеит ҞБА Ахадеи иареи реибадырреи реиԥылареи ааигәа имҩаԥысраны ишыҟоу.
Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз аветеранцәеи ҳареи ҳаимадара рызҵаарақәеи рзы Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьали злахәыз аиҧылараҿы ирзааҭгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи реимадара иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы, акультуреи агуманитартә еизыҟазаашьақәа инарымаданы.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсни Ҟабарда-Балкариеи рыжәларқәа рыбжьара аимадара аҳәаақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы имҩаԥырго аусуразы, иаҵшьынгьы иазгәеиҭеит аиашьаратә аҟабарда жәлар ҷыдала ҳаҭырла дшырзыҟоу.