21.03.2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵараҟны, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рыҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьазааит Лавров Сергеи Виктор-иԥа ”, — аҳәоит 2023 шықәса хәажәкырамза 21 азы изҵаҩыз Аусԥҟа аҟны.