Ахада аррахь ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Ахада аррахь ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Хәажәкырамза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит 2023 ш.  мшаҧымза-рашәарамзазы Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааҧхьареи ааҧхьара инақәыршәаны арратә маҵзура иахысуаз арратә маҵзураҟынтә рхы рақәиҭтәразы.

2023 ш. мшаҧымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аҧсны имҩаҧысуеит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа ҧхьатәара иҟам, арратә маҵзурахь ааҧхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рааҧхьара.

Аусҧҟа инақәыршәаны, ааԥхьарала  зарратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзураруаа рхы иақәиҭтәхоит.

Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа рхадацәа ирыдҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааҧхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа нхарҭәааны рынагӡара ахылаԥшра.


.


Возврат к списку