Ахада COVID-19 азы иҟоу агәҩара инамаданы аҽыԥхьакрахь диасит

Аслан Бжьаниа аҽыԥхьакрахь диасырц иӡбеит аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы, игәамбзиара иахҟьаны. COVID-19 антиген азы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигаз експресс-тест иҵоуроу алҵшәа аанарԥшит.

Иара убас аҿкы аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥган короновирустә ҿкы аҟазааразы алабораториатә ПЦР-тест. Ҳазҭагылоу аамҭазы алҵшәақәа рааира иазыԥшуп.
Аҿкы аларҵәара алмыршаразы Ахада ииашоу алабораториатә тест алҵшәақәа ҟалаанӡа иӡбеит аҽыԥхьакрахь диасырц.



Возврат к списку