Ашьыжь, хәажәкырамза 16 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-93ш.ш), Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысыз марттәи ажәылараҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз ацеремониа мҩаҧысит.
Уи иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр тхаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаҧхарала еибашьуаз, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра, аӡбаратә уаажәларра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.