Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа дырҭааит

Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәараан Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа дырҭааит.

Иара убас аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Гәынба Бадра, Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, атәылахьчара аминистр, аштаб хада аиҳабы Ануа Владимир, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Шамба Сергеи ицны иаҭааит АА Атәылахьчара аминистрра арратә хәҭақәа.

Ахада дахәаԥшны ибеит иҟаиҵахьаз анапынҵақәа рыла арратә хәҭақәа руак аҟны изыхәҭоу арҿыцратә усурақәа рымҩаԥысшьа.


Возврат к списку