Ахада Гал араион даҭааит усуратә визитла

Ахада Гал араион даҭааит усуратә визитла

Гал араион ахь иусуратә ныҟәараан аҳәынҭқарра Ахада хаҭалатәи аилазаара амобилизациатә зыҟаҵара арӷәӷәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара шымҩаԥысуазы атәылахьчара аминистр иажәахә дазыӡырҩит, иара убас имҩаԥигеит аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа инаваршәны анџьныртә ргыламҭа ҿыцқәа ргәаҭара.

Аинспекциатә ныҟәара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр, аинрал-аполковник Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа ры-Штаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко.


Возврат к списку