10.03.2023
Аҩныҵҟатәи ахылаҧшреи афинанс-нхамҩатә усуразы аҳасабырбеи ирызкын ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихантәаҩрала имҩаҧысыз аилатәара.
Аизараҟны ирзааҭгылан амҩатә инфрастрактура, ӡыла аиқәыршәара атема, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирҿагыланы ақәԥара, ашәахтәқәеи ашәатәқәеи реизгара, атуристтә аамҭа аҽазыҟаҵара уҳәа, убас иҵегьы. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит излацәажәоз азҵаарақәа ирызкны аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Ахада араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ирыдиҵеит аусуратә процессқәа зегьы системала ашәҟәы рҭагалара, иара убас есымза урҭ рынагӡашьазы аҳасабырба аҟаҵара.
Ааигәатәи аҳасабырба азгәаҭоуп мшаҧымза аҩбатәи азбжазы.