Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы

08.03.2023

  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада   2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №80 ала агәабзиарахьчара асистемаҟны  шықәсырацәалеи ламысцқьалеи аусуразы  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

АРШБА Гәуранда Владимир-иԥҳа - Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 анестезиологиа-реанимациатә ҟәша амедицинатә иаҳәшьа;
ГӘАЛАНӠИА Татули Хәута-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа» Афилиал №4 АБК аклиникатә медицинатә иаҳәшьа;
ЏЬЫНЏЬАЛ Мери Кьыпса-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа» Афилиал №4 аҭыԥтә медицинатә иаҳәшьа; ;
ҚЬЕБУРИА Манана Андреи-иԥҳа - Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа» Афилиал №4 аҭыԥтә медицинатә иаҳәшьа;


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org