08.03.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №82 ала аԥсуаҭҵаареи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рыҟны аҵак ду змоу ллагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Адунеитә литература аинститут апрофессор, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Апедагогикатә ҵараиура Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәҩы-акорреспондент Шьербакова Марина Иван-иԥҳа.