16.04.2015
Мшаҧы 16, 2015 шықәса, Москва. Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара. Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. Аиҧылара иалатәан 250 инарзынаҧшуа аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан Москватәи аҧсуа диаспора аҧшьгарала, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәара иҟанаҵаз адгыларала.
Аиҧылара аартуа, Беслан Агрба иҳәеит, аҳәынҭқарра ахадара Аҧсны анҭыҵ инхо адиаспора алшарақәа рхархәара шыҟанаҵо ала агәыҕра шрымоу. «Ара аҵара зҵо, аус зуа аҿари егьи, аиҳабыратә абиҧареи зтәыла ахаангьы згәы азыбылуа, аамысҭашәала иазнеиуа уаауп, урҭ иагьрылшон, иагьрықәнагоуп аҳәынҭқарра аҿиараҿы рлагала аҟаҵара», - иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба иқәгылара алагамҭаҿы иҳәеит, иҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа раҧхьа иширгыло аполитикатә знеишьа хырҩа амҭаӡакәа ауаажәларра реидкылара.
Ахада иеизаз ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны имҩаҧысуа апроцессқәа, асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа атәы.
«Ҳара ҳекономика ашьаҭа аҧҵаразы аусура ҳаҿуп, ҳхатәы биуџьет макьана х-миллиардк маҷк инахыҳәҳәо иҟоуп. Уи ахарҭәааразы ирацәаны аус аауроуп. Аиҳабыра рҿаҧхьа уснагӡатәны иқәгылоуп абиуџьет ахашәалатә хәҭа акырынтә аизырҳара. Ҳара ҳхала ҳтәылауаа руалафахәқәа рышьҭыхразы алшарақәа ҳамазароуп»,- иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Рауль Ҳаџьымба игәы иҵхо далацәажәеит ҳтәылаҿы макьанагьы акоррупциатә схемақәа аҭыҧ шрымоу атәы. «Ари проблема дуӡӡоуп ихәыҷу Аҧсны азы. Уи ҳара иаҳӡаӡом, иаартны иаҳҳәоит. Аҭагылазаашьа аиҕьтәразы иалшо зегьы ҟаҳҵоит»,- иҳәеит ахада. Иара убас уи далацәажәеит аҧсуа-аурыс ҳәаа атемеи уи армариара инадҳәаланы ауаажәларра аганк ашәара шырнаҭо. «Иахьа Урыстәылеи ҳареи иааигәаӡоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, аҳәаа аартра ҳара ҳацәымшәароуп. Уи ҳҳәынҭқарра иаҧырхагахаӡом».
Аиҧылараҿы Ахада изырхианы иқәыргылан азҵаарақәа жәпакы. Еиҳарак ауаа зҿлымҳара арҭон ареспублика асоциалтә-економиатә ҿиара, атәыла аинвестициатә ҭагылазаашьа, аҿарацәа рыҧсадгьыл ахь рыхынҳәразы алшарақәа раҧҵара, адиаспора амадара, аҧсуа бызшәа аҿиара ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аҿар ахада иҳәеит иҳаҩсыз ашықәсазы маитәи ахҭысқәа ахәшьара риҭарц, иазҵааит аконституциатә реформа апроцесс шымҩаҧысуа атәы, анапхгара ҿыц атәыла аекономикатә ҿиара аплан хианы иахьынӡарымоу .
«Аконституциатә реформа ҳара ҳзы акырӡа зҵазкуа акоуп. Ҳара уи ҳазхиаӡам ҳҳәаӡом. Иҟасҵаз адҵала иаҧҵоуп аконституциатә реформазы акомиссиа, аусура мҩаҧысуеит, азырхиара иаҿуп азакәанҧҵараҿы аҧсахрақәа, раҧхьатәи шьаҿаны иҟалоит аҭыҧантәи аусбарҭақәа рхаланапхгарақәа азинмчқәа жәпакы рыҭара», - иҳәеит Ахада. Ҳаџьымба иҳәеит иара убас, Аҧсны аинвестициақәа ралагаларазы алшарақәа раҧҵара атәы. «Аҧсныҟа аинвесторцәа аарц азы иақәнагоу аҭагылазаашьақәа аҧҵатәуп, акоррупциа иаҿагылоу азакәанҧҵара арҽеирақәа алагалатәуп. Ҳара иаҳҭахуп аинвсетициақәа ҳара ҳтәылауаа, атәыла анҭыҵ инхо аҧсуаа рыҟнытә иалагалахарц. Уи азы иаҧҵоуп ҳдиаспора ахаҭарнакцәа – абизнесуаа злахәу аусуратә гәыҧ. Урҭ ҳусеицура аиҿкааразы ажәалагалақәа разырхиара иаҿуп », - иҳәеит иара.
Аиҧылара хыркәшо, Ахада иҳәеит, атәыла анҭыҵ аҵара зауыз аспециалистцәа ҿарацәа рыҧсадгьыл ахь ишыхынҳәуа ала агәыҕра шимоу атәы.