23.02.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҭоурыхҭҵааҩ, алитератор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, ААУ апрофессор Станислав Лакоба 70-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Станислав Зосим-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!
Аҭҵаарадырраҟны, аҟазараҟны, ауаажәларратә, аполитикатә усураҟны шәлагаламҭала аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит.
Аҳаҭыр иаԥсоуп Аԥсны акультуратә, аҭоурыхтә, адоуҳатә ҭынха аиқәырхараҟны, жәларбжьаратәи агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны Шәара шәылшамҭақәа.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ганрацәала еибыҭоу аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны аихьӡарақәа!».