23.02.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр Аԥсадгьыл ахьчара амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Кужугет-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчара амш.
Жәабранмза 23 рзы ишаԥу еиԥш, Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амчи ахьӡ-аԥшеи шьақәзыргылоз хьӡи-ԥшеи згым, ахамеигӡара иазхиоу аибашьцәа ирыдныҳәалоит.
Шәара иныҟәыжәго арраматә ԥхықәра анагӡашьа, апрофессионализм ҳаракы, апатриотизм Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ашәарҭадара, аҭынчра ахьчара, аҭышәынтәалара аиқәырхара азҵаарақәа рыҟны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи русеицураҿы шәлагаламҭа.
Абри аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьоит Аԥсадгьыл амаҵураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, аҭынчра, аиааира ҿыцқәа!»