Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчара амш идныҳәалара

23.02.2023

Жәабранмза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчара амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчара амш.

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Аԥсадгьыл ахьчареи аиҷаҳареи анаҭахыз изныкымкәа Урыстәыла аибашьцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи аадырԥшхьеит.

Шәара шықәсырацәала Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иаҳасабала аӷацәа рҟынтә иаауа ашәарҭара Аԥсадгьыл ацәыхьчара иазку акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа рынагӡара шәаҿуп.

Ахә ашьара уадаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи ашәарҭадара арӷәӷәареи рус аҟны Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраареи адгылареи.

Гәык-ԥсык ала Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи Урыстәылатәи Афедерациа аизҳазыӷьареи рыхьӡала хьыӡла-ԥшала, фырхаҵарала аррамаҵура амҩаԥгара.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! азин сышәҭозар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аиааира ҿыцқәа, аҭынчра, ахирра!»


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org