20.02.2023
Жәабранмза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Беларусь Ареспублика даҭааит усуратә визитла.
Авизит аан имҩаԥысуеит Аслан Бжьаниеи Александр Лукашенкои реиԥылара. Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реипылараан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.
Беларусь Ареспубликаҟнытә ихынҳәра анаҩс Аԥсны Ахада Москва иусуратә визит иациҵоит.