Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз Аԥсны анапхгара Аҟәа Диоскураа рымҩаҟны Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын.
1943 ш. жәабранмза 2 рзы ихыркәшан аполитикатәи арра-стратегиатәи ҵак ду змаз Сталинградтәи аибашьра, ари ахҭыс 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны шьаҭанкыла аиҭасымҭа иазҳәан.
Аиааираҟны рлагаламҭа дууп Аԥсны иалҵыз асоветтә еибашьцәа.
Иахьа 80 шықәса ахыҵит ари ахҭыс ду.