Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра "Газпррм промгаз" аделегациа злахәыз аиԥылара.

09.12.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра "Газпррм промгаз" аделегациа злахәыз аиԥылара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра "Газпррм промгаз" аделегациа злахәыз аиԥылара.

Аиҧылараҿы аҳәынҭқарра Ахада идыргалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра агазла аиқәыршәразы Асхьема хада апроект.
Апроект аус адулан газла аиқәыршәразы асхьема хада азырхиаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи "Газпром промгази" рыбжьара изҵаҩыз. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурақәа зегьы рымҩаҧгара ҿҳәарас иаҭан    шықәсык. Еиқәшаҳаҭрала иаҵаҩын, агазификациа Асхьема хада апроект ала иазҧхьагәаҭаз аетапқәа зегь рымҩаҧгара аҿҳәара ҳәаақәызҵоз амҩатә хсаала.

Абри аамҭазы Аҧсны газла аиқәыршәаразы Асхьема хада азырхиаразы аусура Аиқәшаҳаҭраҿы иарбаз аҿҳәара инақәыршәаны ихыркәшоуп, иагьрыдгалоуп атәыла анапхгара.
Асхьема хада иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа афинанс азоужьуп 2020-2022ш.ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аусмҩаҧгатәқәа рхыркәшара аҿҳәарас иамоуп 2022ш.

"Акрызҵазкуа аус ду мҩаҧгоуп. Аамҭа ҳҭахуп азыӡбақәа рыдкылареи аусеицуразы аҧхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа аус рыдулареи рзы",-иҳәеит Аԥсны Ахада  Аслан Бжьаниа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org