Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

30.11.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит акыр иаҳзаԥсаз абырг бзиа Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҳалаҩыз ажәабжь.  
Аԥсни Ҭырқәтәылеи реимадара аус аҟны зылшамҭа рацәоу, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьаз Ердынџь Аҭеиба иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дуӡӡоуп аԥсуа уаажәларра зегьы ҳзы.
Аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак, ҳбызшәа, ҳҵас, ҳқьабз еиқәырханы иаазгоз ируаӡәкыз, атәым дгьыл аҟны ҳмилаҭ ахаҿра аиқәырхара иашьҭаз Е.Аҭеиба инапы злакыз усқәа анагӡара роуааит!
Иԥсы ҭынчзааит, џьанаҭ гыларҭас иоуааит Ердынџь Аҭеиба».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org