Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Аилатәараҟны ирылацәажәеит асоциалтә каҭақәа рыҟны ицәырҵыз афымцамчтә усхк аҟны аԥара ӷьычра ыҟоушәа зҳәо адокументқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылауаа жәпакы рҳәамҭақәа рыла 70 позициацыԥхьаӡа рыла ахәқәа ирыцҵаны иахьарбоу адокумент ахкьыԥхьла ахаҭареи аҵабырг иахьынӡақәшәои ргәаҭаразы иацклаԥшны иҭырҵаарц. Ахада иалкааны аҿҳәара аиҭеит агәаҭареи аҳасабырба аҟаҵареи рзы.
«Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит «Аҽгәара» ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿыцразы иаҭаху аматериал аахәараан афинанстә еилагара дуқәа ҟаҵан ҳәа. Абри инамаданы Апрокуратура хада анапы ианысҵоит 15 мшы рыҩныҵҟала абри аинформациа ҭҵааны адырра сырҭарц азы», - иҳәеит А. Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аоперативтә ҟәшеиҵақәа ирыдиҵеит зегь рыла Апрокуратура хада ацхыраара арҭарц.