11.11.2022
Аслан Бжьаниа Аҟәатәи азеиԥшҵараиуратә школ «Алашара» аҟны имҩаԥысуаз ақьиара ҵакы змоу аиармарка даҭааит.
Аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә чыс цәырыргеит. Аҳәынҭқарра Ахада ашколхәыҷқәа иҟарҵаз ачыс хаа ааихәеит, иҭабуп ҳәа реиҳәеит ишхәыҷу инаркны абзиа ахьыҟарҵо азы.
«Гәык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы»,-иҳәеит ахәыҷқәа ихы рықәкны.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит ашкол анапхгареи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рзы.
«Ишхәыҷқәоу абзиа аҟаҵара, иузааигәоу ицхыраара иахьашәыршьцыло акраҵанакуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари азы»,- иҳәеит А. Бжьаниа
Аиармаркаҟны иаанагаз аԥара зегьы абҵарамза 4 рзы абылра иацәынхаз ахшара рацәа змоу Адлеиаа рҭаацәара цхыраарак аҳасабала ирырҭараны иҟоуп.