12.11.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи анҭыҵтәи атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рыхәаҧшра иазку аилатәара мҩаҧыргеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи абҵарамза 7 рзы Ахада Иадминистрациаҟны имҩаҧысыз аҵыхәтәантәи аусуратә еилацәажәараҟны ирыдыркылаз азыӡбақәа рынагӡара инамаданы атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рыхәаҧшра иазку анҭыҵтәи аилатәара мҩаҧыргеит.