07.11.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аусуратә гәыԥ алархәны ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара заатәи ахәшьара аҭареи аиӷьтәразы абжьгарақәа разырхиареи рзы аилацәажәара мҩаԥигеит .
Аусуратә гәыԥ ахантәаҩы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов аҳәынҭқкарра Ахада адырра ииҭеит иахьазы имҩаԥгоу аусуразы.