04.11.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, АА Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра хаҭалатәи аилазаара, ареспублика амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа дыдирдырит Атәылахьчара аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-алеитенант Владимир Савченко, аныҳәатә ҟазшьа змаз аҭагылазаашьаан инапы иаиркит АА АМ Рыштаб Хада абираҟ.
Аҳәынҭқарра Ахада Васили Луниов иҭабуп ҳәа еиҳәеит:: « Васили Васили-иԥа Луниов иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Васили Васили-иԥа! Сара ижәдыруазарц сҭахуп Шәара Аԥсны атәылауаҩ иаԥсахаз тәылауаҩны шәшыҟазаауа. Иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәараҟны аҵакы змоу шәлагаламҭа. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, иҟоуп логикала еибыҭоу аамҭақәак. Ҳара абзиараз ҳәа шәаҳҳәаӡом, маҷк ҳааҭгылоит ауп, иҿыцу, даҽа статуск ала аусеицура ҳалагоит», - иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа АА АМ Рыштаб Хада аиҳаб ҿыц Владимир Фиодор-иԥа Савченко изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа ҳазҭагылоу имариам аамҭазы. «Шәара аԥышәа, адырра змоу уаҩуп, ҳақәгәыӷуеит шәдыррақәеи шәԥышәеи АА арбџьар мчқәа русқәа реиӷьтәразы хархәара рыҭахап ҳәа», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада .