Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа абокс азы Урыстәыла ачемпионат араӡынтә аҧхьахә иаҧсахаз Баҭал Чежиа дидикылеит

02.11.2022

Аслан Бжьаниа абокс азы Урыстәыла ачемпионат араӡынтә аҧхьахә иаҧсахаз Баҭал Чежиа дидикылеит


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абокс азы Урыстәыла ачемпионат араӡынтә аҧхьахә иаҧсахаз Баҭал Чежиа дидикылеит.

"Иудысныҳәалоит, Баҭал. Ус инагӡала!", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада, аспортсмен аҧсшәа иаҳәо. Ахада дазҵааит аспортсмен игәалаҟазаара зкиҧшроу.

Баҭал Чежиа Ахада иииҭаз адгыларазы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, иазгәеиҭеит: "Сгәалаҟазаара бзиоуп. Зегь раҧхьа иргыланы, Шәара иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Шәара изышәҭаз адгыларада ари аиқәҧара зыҟаломызт,  иара убас атитулгьы. Хымҧада, ҳара ишаҳҭахҵәҟьаз еиҧш изымцеит. Раҧхьа ҳаиҭоуп ҳәа азырыӡбеит, аха ҳара ҳ - Федерациа аӡбамҭа иаҿагылеит, избан акәзар даргьы, иахәаҧшуазгьы ирбарҭан аиааира ҳара ишаҳтәыз. Сара Урыстәыла ачемпионат араӡынтә титул санаршьеит, ҧхынҷкәынмзазы ахьтәы титул азы ақәҧара сыдыргалеит", - иҳәеит ақәҧаҩ.

Баҭал Чежиеи Максим Смирнови рыбжьара ақәҧара мҩаҧысит Москва, жьҭаарамза 29 рзы  агимнастка Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху Агимнастика ахан аҟны.   Аиндаҭлара мҩаҧыҧсуан зыкапантә категориа 79 кг рҟынӡа иҟаз рыбжьара, аа-раундк рыҩныҵҟа.

Ахада иазгәеиҭеит иааиуа аинадҭларазы аҽазыҟаҵара шаҭаху. "Ҳара ҳганахь ала иахәҭоу ацхыраара ҟаҳҵоит. Уџьабаа хымҧада алҵшәа аиуеит", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org