Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада амилаҭтә ныҳәа «Лыхнашҭа» далахәын

30.10.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаԥысыз амилаҭтә ныҳәа «Лыхнашҭа» далахәын.

Аҳәынҭқарра Ахада аныҳәаҿы еизаз ажәлар дрыдныҳәалеит:

“Ажәлар шәхаҵкы! Шәеибабара, шәеиқәшәара еснагь абзиа иазҳәазааит.

Лыхнашҭа – Аԥсны аҳ иаҳҭынра ахьыҟаз, аԥсныжәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз ҭыԥуп. Лыхнашҭа шаҳаҭра рзыруеит Аԥсны имҩаԥысхьо ахҭыс дуқәа. Иахьагьы адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа жәбоит. Еснагь еиԥш, иахьагьы иаҳҭахуп аидгылара, аилибакаара. Ҳәоуеиқәшәарыла, ҳаҭырла ҳаизныҟәар, уаҵәтәи амш еиҳагьы еиӷьхоит. Ус сара сазхәыцуеит.

Иахьа аныҳәа ҳаиднакылеит, анхацәа шәчеиџьыка шәнапы иқәыргыланы асасцәа шәырԥылеит. Иҭажәгало гәырӷьа-чысла инышәхлааит! Ҽаанбзиала!»

«Лыхнашҭа» аныҳәаҿы гәдоуҭаа, афонаа уҳәа, Гәдоуҭа араион 20 қыҭа рыҟнытә ҷыдала аныҳәазы идыргылаз ашьаԥақәа рыҟны еиуеиԥшым ақыҭанхамҩатә аалыҵ, акҿаҩра маҭәахәқәа цәырыргеит.    

Лыхны ашҭаҿы жәлар рнапкымҭақәеи аԥсуа ҭаацәарақәеи рфотосахьақәеи рцәыргақәҵа еиҿкаан.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org