Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини реиԥылара

Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини реиԥылара

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи УА Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.

Ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак реилибакаара арӷәӷәара хықәкыс измоу ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа.
Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.


Возврат к списку