29.09.2022
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада А.Гь. Бжьаниа Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь -иҧа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ныҳәа - Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш инамаданы ишәыдышәкыл гәыла-ҧсыла иҟаҵоу адныҳәалара. Урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа ҿиоит аидгылареи астратегиатә усеицуреи рыпринципқәа шьаҭас ирыҭаны.
Агәра згоит ҳзеиҧш лшарақәа рыла иконструктивтәу ҩ-ганктәи аимадарқәа аҧхьаҟагьы реизырҳара шалҳаршо - ҳаиашьаратә жәларқәа рыбзазара аиӷьтәреи, арегион аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны.
Гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, шәыуаажәлар зегьы - аҭынчреи аизҳазыӷьареи.