Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа антитеррористтә зыҟаҵарақәа ахьымҩаҧысуаз Абаӷәаза-2022 даҭааит

24.09.2022

  Аслан Бжьаниа антитеррористтә зыҟаҵарақәа ахьымҩаҧысуаз Абаӷәаза-2022 даҭааит

Аԥсны Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра  Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәатәи амшынтә баӷәаза даҭааит антитеррористтә зыҟаҵарақәа ПОРТ-2022 шымҩаҧысуаз агәаҭаразы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарқәеи Урыстәылатәи Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура рзеиҧштә ҵара азырхоуп атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара.

Азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзурақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарратә  ҳазалхратә еилакы, УА Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада аихшьалатә цәаҳәаҿы ирыдиныҳәалеит қәҿиарала имҩаԥысыз азыҟаҵарақәа.

"Ишәыдысныҳәалоит қәҿиарала  еицымҩаҧыжәгаз антитеррористтә зыҟаҵарақәа",- иҳәеит Бжьаниа, уи алахәцәа ихы рықәкны.
Аманиоврқәа рҿы ахархәара рызун акәылӡтәы техника, аснаиперцәа, аӡхәыҵалаҩцәа, ацхырааратә машьына ласы, амцарцәаратә машьынақәа.
Азыҟаҵарақәа раан имчыдатәын амшынтә баӷәаза аҵакыраҿы атҟәацәа аанкыланы изкыз  адиверсиатә гәыҧқәа, .

Ас еиԥш азыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳауеимадара аҭыԥ аҟынгьы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org