Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟабарда-Балкариа Ареспублика Ахада Казбек Кокови авидеоимадарала еицәажәеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟабарда-Балкариа Ареспублика Ахада Казбек Кокови авидеоимадарала еицәажәеит

Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟабарда-Балкариа Ареспублика Ахада Казбек Кокови авидеоимадарала еицәажәеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада Ҟабарда-Балкариа иаҭаара мҩаҧысит ареспублика  шьақәгылеижьҭеи 100 ш.аҵра инамаданы.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада  Иадминистрациа  Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны  Жәлар Реизара -  Апарламент адепутат Леонид Лакербаиа.

Ҟабарда-БалкариаАреспублика хаҭарнакра азыруан Ҟабарда Балкариа Ареспублика Ахада  Иадминистрациа Анапхгаҩы Муҳамед Кодзоков, ҞБА Аиҳабыра  Ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Муаед Кәнижев, ҞБА аекономикатә ҿиара аминистр Борис Рахаев, амилаҭқәа русқәеи ауаажәларратә проектқәеи рминистр Анзор Курашинов.  

Аганқәа гәыблыла аҧсшәа еибырҳәеит.  

Аслан Бжьаниа ареспублика иқәынхо ауааҧсыра аиубилеи рыдныҳәало, аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит. "Гәахәароуп сара сзы ара сахьшәыдгылоу, аҟабарда жәлар бзиа сахьшәылагылоу. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳаимадарақәа аҧхьаҟагьы аҿиара шроуазы",- иҳәеит аҳәынҭқарра  Ахада.  
Аслан Бжьаниа иара убас гәахәырала иазгәеиҭеит  ареспублика аизҳазыӷьара амҩа ишану атәы.  

Казбек Коков  Аҧсны  Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
"Гәык-ҧсык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аиашьара ҳзуны, ҳажәлар раҳаҭыр баны арахь шәахьымҩахыҵыз",- иҳәеит ҞБА  Ахада, убри аан иазгәеиҭеит, ари аҧхьа ихьыз ковид иахҟьаны хаҭала Аҧсны Ахада иҧылара ахьилымшаз игәы ишалоу. "Ҳреспубликақәа рыбжьара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла зыҩаӡара ҳараку аусеицура  мҩаҧысуеит. Ахырхарҭақәа жәпакы рыла арҭ аимадарақәа реихаҳареи рырӷәӷәареи ауасхыр ӷәӷәа рзышьҭаҵоуп," - иаҵшьны иҳәеит ҞБА аҳәынҭқарра  Ахада.


Возврат к списку