11.09.2022
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.
Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика Ахадас ҩынтәны далхуп.
Аинаугурациа иазкыз ацеремониа иалахәын Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов, аҩадакавказтәи ареспубликақәа рхадацәа, урыстәылатәи аполитикцәа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кәумпилов идиныҳәалеит Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵзура нап ахьаиркыз.
"Шәара - аҧышәа змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, шәнапхгарала Адыгеиа Ареспублика акырӡа аихьӡарақәа аиуит асоциал-економикитә ҿиара ахырхарҭала. Шәара шәымч-шәылшеи, шәџьабааи ирыбзоураны, шәыуаажәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәрыҧсахеит, иҟәыӷоу аполитик, адырра змоу анапхгаҩы иаҳасабала",- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Ахада иара убас иазгәеиҭеит М. Кумпилов шәышықәсала иааиуа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку иусура аҳаҭырқәҵара иаҧсоуп.
"Иазгәасҭарц сҭахуп хатәгәаҧхаралатәи агәыҧқәа рроль иамоу аҵак ду. Ҳашьцәа -адыгақәа ҳтәыла ахьчара анаҭахха иарӷьажәҩаны иҳадгылеит. Аӡәырҩы ҳҳәынҭқарра Ахақәиҭреи Ахьыҧшымреи рхы ақәырҵеит",- иҳәеит иара.
Иахьа ареспублика анапхгаҩы иҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа мариаӡам, аха Шәара шәыпрофессионализми шәыхьӡи Адыгеиа Ареспублика аизҳазыӷьара ахьӡала иактуалтәу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара иаухррауеит,-иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра анапхгаҩы иалырхыз Ахада изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы.