Аслан Бжьаниеи Мураҭ Кәумпилови хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ирҧылеит

Аслан Бжьаниеи Мураҭ Кәумпилови хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ирҧылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кәумпилови 1992-1993шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ирҧылеит.

Аиҧылара аартуа, Мураҭ Кәумпилов иазгәеиҭеит Адыгеиеи Аҧсни аиашьара шрыбжьоу, ареспубликақәа ари  ишахӡыӡаауа.

"Арҭ аизыҟазаашьақәа шәышықәсалатәи аҭоурых рымоуп, хықәкыс иҳамоу - аҧхьаҟагьы урҭ рырӷәӷәароуп, иҳамоу акультура-ҭоурыхтә еимадарақәа рыхьчара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура аиҿкаара ауп.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиантәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиашьареи аҭынчреи рыхьӡала иаадырҧшыз афырхаҵаразы.

"Аишьцәа гәакьақәа реиҧш шәҳавагылеит, шәара иҟашәҵаз Аҧсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари еизҳауа абиҧарақәа рымадаразы. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәфырхаҵаразы, хаҭа-хаҭала агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ахада.

Анаҩс, Аслан Бжьаниа хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

Адыгеиатәи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны хатәгәаҧхарала еибашьуаз"  ахантәаҩы Мадин Тлишев, хатәгәгәаҧхаралатәи аибашьцәа  рыхьӡала аҩ-тәылак рнапхгаҩцәа гәыблыла аҧсшәа реиҳәеит. Аҧсуа делегациа иҟарҵо азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Мураҭ Кәумпилов иганахьала, иазгәеиҭеит хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа еснагь ахаҵгылара шрымоу, ареспубликагьы  есқьынгьы ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иара убас хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рыдгылара ишазхиоу.

Аиҧылараҟны ишьҭыхын ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы иҭахаз Адыгеиатәи ҩыџьа хатәгәаҧхаралатәи еибашьцәа ҩыџьа рыҧсҭазаара ианалҵ ашьҭахь "Аҧсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ рыхҵара азҵаара. Иара убас адгылара аҭан хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала Аҧсны ашҭақәа руак аҟны абаҟа аргылара.

Аиҧылараҟны иара убас иалацәажәеит Аҧсни Адыгеиеи русеицура арҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа. Мураҭ Кәумпилов иҳәеит аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аспорт уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра азырхиара ишаҿу.
"Ҳара еснагь абаҩхатәра злоу аҿар реиҧылара мҩаҧаҳгоит, ҳара ҳаҟны аҧхынтәи агәабзиарачаҧаратә ҧсшьара бзианы еиҿкаауп. Ари ашықәс азы Херсонск аобласт Гениатәи араион аҟынтә, иара убас Донбассынтә ашколхәыҷқәа ҳадаҳкылеит. Адыгеиа аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиашьаратә республика аус ацура иазхиоуп ари аусхк аҟнеиҧш егьырҭ  ахырхарҭақәа зегьы  рыҟны. Ари апроцесс рхы аладырхәуеит ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы" - иҳәеит иара.

Аҧсны Ахада адгылара аиҭеит Аҧсны  аиашьаратә республикақәа - Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Ҟабарда-Балкариеи рыҩны аартразы иҟаҵаз ажәалагала.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аҩада Кавказтәи ареспубликақәеи рыбжьара аҭҵаарадырратә центрқәа реимадара арӷәӷәаразы, Керашев ихьӡ зху Адыгеиатәи Ареспубликатә Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут адиректор  Адам Ҭлеужь ианашьан "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара.


Возврат к списку