Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

ҞЧА аиҳабыратә комплекс аҟны амҩаҧысит Аслан Бжьаниеи Рашид Темрезови реиҧылара

07.09.2022

ҞЧА аиҳабыратә комплекс аҟны амҩаҧысит Аслан Бжьаниеи Рашид  Темрезови реиҧылара

Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиҧылара.

Аиҧылара мҩаҧысит Ҟарачы-Черқьесиатәи аиҳабыратә комплекс аҟны.
Аҧсны Ахада аҧсшәа иаҳәо, Рашид Темрезов иазгәеиҭеит аиашьаратә еимадарақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи иамоу аҵак ду.
"Сара сзы иҳаҭыр дууп ҳреспублика аҧҵоижьҭеи  100 ш.аҵра азгәаҭара  иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны шәбара. Ҳашьцәа аҧсуаа  рбара ҳамҭа дууп ас еиҧш иҟоу аныҳәа амш аҽны. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари амш ахьҳацазгәашәҭо",- иҳәеит ҞЧА Ахада.                  

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа  Рашид Темрезов иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспублика аҧҵоижьҭеи 100ш. ахыҵра иазку амшныҳәахь  ааҧхьаразы.
"Ҳара ҳааит зеиӷьыҟам шәтәылахь, ҳашьцәа шәахь. Ҳарҭ жәларык ҳауп, ари аҩыза амш азы шәааигәа аҟазаара сара сзы насыҧ дууп", - иҳәеит Ахада.

"Ареспублика аҿиарамҩа иануп, уи гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Шәареи шәыдгылаҩцәеи амилаҭбжьаратә ҭынчра ашьақәыргылара шәылшәыршеит.  Ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы Ҟарачы-Черқьеск иқәынхо милаҭрацәала еилоу ажәлари  ареспублика 100 ш. ахыҵра амш. Сара сзы гәахәароуп иахьа ара аҟазаара. Аҧсны шәаргьы ишәыҧсадгьылуп, бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы, ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иҧа",-иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҧсни Ҟарачы-Черқьесиеи рхадацәа аусеицзуразы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org