02.09.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхадацәа алархәны.
Иалацәажәеит ашәахтәқәа реизгара инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа зеиҧшроу; амҩаҭә инфраструктуреи, ӡыла аиқәыршәареи, акурорттә аамҭа ацашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Арегионқәа рнапхгаҩцәа аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит излацәажәоз азҵаарақәа инарымаданы аҭыҧаҟны иҟоу аҭагылазаашьазы.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аслан Бжьаниа анапынҵақәа жәпакы риҭеит, ирыдиҵеит напхгара ззыруа ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны аҭагылазаашьа хәҭа-хәҭала иҭҵааны хылаҧшра арҭаларц.
Аиҧылара иалахәын Администрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи уи ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиеи.