01.09.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа!
Ауаажәларра "адгьыл аҭира" атема инамаданы ирылаҵәаз ахыҭхәыцаарақәеи ауаа ргәы ԥызҵәахьоу амци ирхырҟьаны ицәырҵыз агәҭынчымра инадҳәаланы ааҧхьара ҟасҵарц сҭахуп.
Иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рзыҟаҵара саламгакәа, афактқәа сырзааҭгылоит.
Атәыла Азакәан Хада – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциаҿы иануп "Адгьыли егьырҭ аҧсабаратә лшарақәеи ажәлар ирхатәны иҟоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны хархәара рымоуп иагьыхьчоуп атәылауаа рыҧсҭазаареи русуреи шьаҭас иамоу акы аҳасабала» ҳәа. Абасала, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны адгьыл аҭира азҵаара зынӡагьы иқәгылаӡам. Арҭ анормақәа ԥсахра рықәӡам, реиҭахәаҧшрагьы ҟалаӡом.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аконституциа анагӡара Хәдықәҵаҩыс дамоуп, сара аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны исзыԥҵәоу аҿҳәара иҭагӡаны снапы иану ахыдҵақәа рынагӡара ҭакҧхықәра дула сазнеилоит.